Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Херсон рнапахьы иааргеит

Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина ақалақьқәа ирылахысуам, иқәырго арратә хыбрақәа роуп, агражданатә уааԥсыра аӡәгьы ԥырхага риҭом.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи ақалақь Херсон рнапахьы иааргеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Урыстәылатәи ар украинатәи ақалақь Херсон рнапахьы иааргеит", - иҳәеит иара.

Конашенков иажәақәа рыла, аграждантә инфраструктура, ақалақьтә транспорт, абзазаратә маҵзурақәа есҽны еиԥш аус руеит. Ауаа зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи афатә-ажәтәи рыгым.
Убри аан урыстәылатәи арратә командаҟаҵареи ақалақьи аобласти рхадареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит асоциалтә инфраструктура аобиектқәа русура арҿиаразы, ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкааразы.
Донбасс ахьчаразы арратә операциа ҷыда Урыстәыла арратә мчрақәа хырхарҭа рацәала ицоит. Уажәазы Киев мраҭашәаратәи аган ала иҭахкаауп. Атәыла аладеи мрагылареи ахәҭақәа рҿы украинатәи ар Азовтәи амшын ахь рнеира ԥкуп, ақалақь Мариуполь амацәаз иҭакуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР арратә мчрақәа Мариуполь амацәаз иҭаркит