Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зықьҩык инареиҳаны Ҟәыбан аҵареи акультуреи русзуҩцәа аоперациа ҷыда ишадгыло рҳәеит

Иаарту ааԥхьара кьыԥхьуп аинтернет-платформақәа руак аҿы, знапы аҵазҩыз рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Зықьҩык инареиҳаны Ҟәыбан аҵареи акультуреи русзуҩцәа аоперациа ҷыда ишадгыло атәы рҳәеит Владимир Путин иахь иҟарҵаз ааԥхьараҟны.
Ааԥхьара аинтернет аҿы иаартуп, изҭаху зегьы аԥхьар, рҽаладырхәыр ҟалоит. Иахьазы адокумент рнапы аҵарыҩхьеит 1,2 нызқьҩык. Урҭ рыбжьара иҟоуп: аректорцәа, адеканцәа, арҵаҩцәа, адиректорцәа, ааӡаҩцәа, аспортшколқәа рнапхгаҩцәа, арҿиаратә коллективқәа рнапхгаҩцәа.

"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Ҳара, урыстәыла атәылауаа, аурыс интеллигенциа, ҳашшәыдгыло атәы ҳҳәоит. Ҳара ҳадгылоит аиашьаратә Украина аҵакыраҿы амилатеилыхра шәаҿагыланы имҩаԥыжәго аоперациа ҷыда", - ҳәа аҳәоит ааԥхьамҭа.

Анапаҵаҩцәа иазгәарҭоит гәыхь дула ишашьклаԥшуаз аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Донбасс аҭыԥ змаз арыцҳара, НАТО Мрагыларахь аҽырҭбаара. "Иара убри аан, агәҭынчымра ҳнаҭоит урыстәылатәи ауаажәларра, акультура, амассаә информациа рҿы имҩаԥысуа ахҭысқәагьы. Урыстәылатәи аинтеллигенциа иаҵанакуа аӡәырҩы аҳәынҭқарра иаҿагыло апозициа ааныркылеит", - ҳәа рҳәоит ҟәыбантәи аҵареи аҭҵаарадырреи акультуреи русзуҩцәа.
Убри аан, атәыла анапхгара рполитика иадгыло атәылауаа иазгәарҭоит ишыҟоу зхы мацара иазхәыцуа, аҳәаанырцә ишьҭоу рмали рԥареи зыла хнаҩо.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Мексика Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа аҽрыланархәуам
Жәабран 21 аза Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Жәабран 24 азы телехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи Украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.