Евроеидгыла SWIFT аҽа быжь банкк аҿнагоит

Евроеидгыла иаланагалаз асанкциақәа рырӷәӷәара зыхҟьоны иҟоу Урыстәыла Украина аганахь ала излагаз аоперациа ҷыдоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Евроеидгыла асистема SWIFT аҽа быжь банкк аҿнагоит ҳәа аҳәоит ЕА Аофициалтә журнал аҿы икьыԥхьу адокумент аҟны.
Асиа инақәыршәаны асистема иаҿыххоит: ВТБ, абанкқәа "Россия", "Открытие", Новикомбанк, Промсвиазьбанк, Совкомбанк, ВЕБ.РФ.
Иара убасгьы, асанкциақәа рырӷәӷәара инадҳәаланы Урыстәылаҟа евро абанкнотақәа рынашьҭра азин ыҟам.
SWIFT – адунеи атәылақәа рбанкқәа рфинанстә еимадарақәеи рԥарашәара амҩаԥгареи рмаҵзурақәа рсистемоуп. Иара ахархәарала адунеи зегьы аҿы афинанстә усҳәарҭақәа ирымоуп алшара афинанстә операциақәа рзы ишәарҭамкәа реимдара. Украина аоперациа ҷыда иаалагазар мраҭашәаратәи атәылақәа изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит асанкциақәа шаларгало азы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Mastercard асанкциақәа инарыдҳәаланы финанстә еиҿкаарақәак аус рыцура ааннакылеит