Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Макрон ҭелла даниацәажәоз иҳәеит арратә аоперациа ишациҵо

Аԥшьаша Урыстәылеи Франциеи рхадацәа Владимир Путини Еммануель Макрони ҭелла сааҭбжак еицәажәон.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Урыстәыла иацнаҵоит Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда ахықәкы ангӡара иҳәеит Путин Макрон ҭелла даниацәажәоз. Абри атәы аанацҳауеит Кремльтәи аофициалтә саит.
Убри аан урыстәылатәи ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла Арбџьармчқәа ирылшо зегьы шыҟарҵо аҭынчуааԥсыра реиқәырхаразы, Макронгьы дааиԥхьеит Украина иҟоу аҳәаанырцәтәи атәылауаа ралгаразы ршәарҭадара иҽалаирхәырц. Путин ишьақәирӷәӷәеит урыстәыла аганахь ала ишазхиоу агуманитартә уадаҩрақәа азҵаарақәа аҳәаанырцәтәи рҩызцәа рыцаӡбара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи Украинеи агуманитартә зҵаарақәа рзы гәаанагарак иазааит
Урыстәыла ахада франциатәи иколлега ишьақәырӷәӷәаны изеиҭеиҳәеит, Киев анеонацистцәа аҳәынҭқарратә политикаҿ рхықәкы иаҵанакуа. Иара ишьақәирӷәӷәеит, арратә операциа ҷыда зегь раԥхьаӡа адемилитаризациеи аденацификациеи Украина анеитралтә стастуси ишрызхоу. Иара убас дазааҭгылеит Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа рыҟны иқәдыргыло азҵаарқәа ртәы.
Жәабран 21 азы Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ахадарахь иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны Урыстәыла ахада арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаны жәабран 24 азы Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда далагеит. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи Украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.