Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Украинеи агуманитартә зҵаарақәа рзы гәаанагарак иазааит

Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа ҩынтәны еиԥылоит аиҿцәажәарақәа рзы. Уажәазы аиԥылара мҩаԥысит Бресттәи аобласт аҟны, ахԥатәи аиԥылара иаарласны имҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Урыстәылеи Украинеи аҭынч уааԥсыра реиқәырхара азҵаара аӡбара иазааибагеит, ҳәа аҩуеит РИА Новости урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы, Урыстәыла ахада иабжьгаҩ Владимир Медински.

"Атәылахьчара аминистррақәа еиқәшаҳаҭхеит аҭынчуааԥсыра ралгаразы агуманитартә мҩа аартра, уи аамҭа иалагӡаны ахысрақәа раанкылара. Сгәы иаанагоит ари ԥхьаҿиароуп", - иҳәеит Медински.

Украина ахада иофис анапхгаҩы иабжьгаҩ Михаил Подолиак иажәақәа рыла, украинатәи аган аханатә иззыԥшыз алҵшәақәа рмоуӡеит.
Уи аԥхьа Киев аҳәамҭа ҟанаҵахьан, Урыстәылеи дареи реиҿцәажәараҿы ихадаратәны иқәгылоуп ахымца аанкылареи, ртәыла аҵакыра ар ралгареи. Аԥшьашаҽны Украина ахада Владимир Зеленски имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы иазгәеиҭеит, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аҵакы шрымоу, аха иҟоуп аҩганк ззықәшаҳаҭымхо ҭагылазаашьақәак.