Аԥсны

Аԥсны агәабзиарачаԥаразы иалырхуа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хә-хырхарҭак ирыҵанакит

Атуроператорцәа Аԥсны ахырхарҭа аҩнуҵҟатәи атуризм ҳәа иршьоит, уи ҵаҵӷәыс иаҵоу аԥсшьаҩцәа Шәачатәи аҳаирбаӷәазахь иахьаауа ауп, анаҩсан аҳәаа ахысразы аҩнуҵҟатәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы ауп ирҭаху азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4– Sputnik. Асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара имҩаԥгаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, урыстәылауаа ргәабзиарачаԥаразы иалырхуа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хәба рыбжьара Аԥсны алыркааит, абри атәы аанацҳауеит анхарҭақәа заанаҵтәи рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru.
Ргәабзиара ашьақәыргалареи аԥсшьареи рзы Аԥсныҟа иаауеит 13% аҭҵаара иалахәыз урыстәылауаа. 33% аҽыхәшәтәразы иалыркаауеит Ҟрымтәи акурортқәа, 17% еиҳа еиӷьыршьоит Кавказтәи аминералтә ӡқәа, Краснодартәи атәылаҿацә ахь иаауеит 14%. Аҭҵаара иалахәыз рыбжьара 8% ирҳәеит ргәабзиарачаԥаразы еиҳа ишеиӷьыршьо Алтаи.
Агәабзиарачаԥаразы иалырхуа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа жәаба

Ахырхарҭа

Аҭҵаара иаалахәыз %

Ҟрым

33%

Кавказтәи аминералтә ӡқәа

17%

Краснодартәи атәылаҿацә

14%

Аԥсны

13%

Алтаи

8%

Карелиа

5%

Калининградтәи аобласт

3%

Башкортостан

3%

Москватәи аобласт

2%

Ростовтәи аобласт

2%

Аԥснытәи ашьхақәеи амшы наԥшаҳәеи реизааигәара зеиԥш ыҟам аҳауатә ҭагылазаашьа аԥнаҵоит, уи ачымазарақәа реиҳарак рыхәшәтәразы ицхыраагӡоуп. Аԥсшьаҩцәа ргәабзиарачаԥаразы Аԥсныҟа иаауеит акыр шықәса, Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҟнытәи агәы-шьадатә чымазарақәеи, ацәачымазарақәеи, арыԥҳатә чымазарақәеи рыхәшәтәразы, иара убас рҟәартәрақәеи рнервқәеи шьақәдаргылоит.