Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР амчрақәа "Градқәа" рыла Докучаевск, Донецк, Горловка ирылахысуеит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит

Иацы имҩаԥысит Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәаратә процесс аҩбатәи араунд, аганқәа ахымца анкылараз акахьы еицазкылымсит аха агуманитартә зҵаарақәа рзы еилибакааит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Украинатәи ар хәажәкыра 4 ашьыжь Донецктәи Докучаевск 10 ракетак аларыжьит БМ-21 "Град" ала, 14 мина 120 миллиметр згәыцә ыҟоу аларыжьит ҳәа аҳәоит ДЖәР амчрақәа рхаҭарнакра Telegram аҿы.

"Асааҭ 03:00 ашьҭахь украинатәи аган аҟынтәи ахысрақәа азгәаҭан Новотроицкое ахырхарҭала, асааҭ 08:00 азы Докучаевск ахырхарҭала. Докучаевск 10 ракетак аларыжьит БМ-21 "Град" ала, 14 мина 120 миллиметр згәыцә ыҟоу аларыжьит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

ДЖәР Жәлар рмилициа аиҳабы Едуард Басурин иҳәеит Донецк ианалахысуаз аԥҳәыс дҭахеит, ахәыҷқәа назлаз 12-ҩык ааха роуит ҳәа.
"Донецк, Горловка, Докучаевск "Градқәа" рыла даара иӷәӷәаны ирылахысуан. Ианалахысуаз аԥҳәыс дҭахеит, ахәыҷқәа назлаз 12-ҩык ааха роуит", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла Украина арартә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Атәыла ахада Владимир Путин "ари аашықәса агеноцид ззыруаз ауааԥсыра рыхьчара иазырхоуп" ҳәа ахиҳәааит. Уи азы арратә цәгьоуцәа рус ӡбатәуп, Украина абџьар ахыхтәуп ҳәа иҳәоит иара. Убри аан иҟалар зылшо ашьакаҭәара украинатәи амчрақәа ирықәиҵеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЛЖәР Жәлар рмилициа аҽа быжь-еиланхарҭак рнапахьы иааргеит
Аминистрра адыррала Арбџьармчқәа арратә инфраструктуроуп ааха зырҭо, аҭынч уааԥсыра ԥырхага рымам. Убри аан Украина ақәлара аӡәгьы гәҭакыс иҭам ҳәа иҳәеит ахада.
Урыстәылатәи ар Киев мрагыларатәи аган иахыкәшаны иркуп, алада-мрагыларахь ала украинатәи арратә ӷбақәа Азовтәи амшын ахь изҭамло иаанкылоуп, амацәаз иҭакуп Мариуполь. Есыҽнытәи адыррақәа рыла арратә хыбрақәа дырхәашоит, аиланхарҭақәа рнапахьы иааргоит.