Аԥсны

Шәҭы хкыс иуҭаху зегьы: аԥснытәи ааԥынра Sputnik аобиектив аҿы

Аинформациатә маҵзура Sputnik ишәзеизнагеит Аԥсны сынтәатәи ааԥынра ҳҭалеижьҭеи ицәырҵыз ашәҭақәа рфотосахьақәа.
Sputnik
Сынтәатәи ааԥынра Аԥсны макьана иԥхаррамхаӡацт, аха ҵиаақәак уеизгьы аиаҵәареи, ашәҭреи, афҩы хаа аушьҭреи иалагахьеит.
Аԥснытәи асубтропикатә ҳауа зқьыла аҵиаақәа реизҳаразы иманшәалоуп. Ара 3200 нызқь хкы раҟара ирызҳауеит, урҭ рахьтә 80 - аҭыԥантәи мацарақәа роуп (аендемикатә). Убри алагьы дара аԥсабараҿы хәызмам ракәны иҟоуп.
Амимоза – хәажәкырамза иасимволуп ҳәа ауаа рыхдырраҿы иаанхахьеит, сынтәагьы Жәларбжьаратә аҳәса рымш - Март 8 аламҭалаз иара шәҭит. Аха иҳаҩсыз аӡын иаразы ихьшәашәаран, лассы-лассы иауаз ақәеи аҵааи рымшала иԥхасҭахақәаз ашәҭқәа маҷым, аха уеизгьы, Аԥсни Урыстәылеи ари ашәҭ бзиа избо рҟынӡа инеиртә еиқәхеит.
Аӡынразы Аԥсны аԥшаҳәаҿгьы асы зныкымкәа илеит, уамак ишьҭамхазаргьы. Иахьазы рхы цәырыргахьеит асыкәақәа, ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа), ишәҭхьеит аџа́беи (амагнолиа) акамелиеи.
1 / 8

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз амимоза ҩежьӡа уахьынаԥшы-ааԥшуа еилагылеит.

2 / 8

Ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу акамелиа ашәҭқәа ҟаԥшьы-уаркалеиуа ипытит ааԥын шааизҵәҟьа.

3 / 8

Аҳаскьынгьы ԥшқаӡа ана-ара иазҳауа иалагеит, игәыкӡа аҷабҳаскьынгьы (незабудки) аацәырҵит.

4 / 8

Аӡын шҳаҩсыз агәра узырго арҭ ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа) адунеи аҿы акырџьара иуԥылоит, иаҳҳәап Амшынбжьаратәии Агәҭантәии Европеи иара убас Азиа Маҷи.

5 / 8

Ааԥын иацҳаражәҳәаҩқәоу ашәҭқәа зегьы дара ртәала иссируп.

6 / 8

Суланж имагнолиа ақалақь апаркқәеи амҩадуқәеи арԥшӡоит.

7 / 8

Аԥсны 3200 раҟара аҵиаақәа ирызҳауеит, урҭ ҳаԥсабара иагьдырԥшӡоит, иагьдырзҩыдоит.

8 / 8

Аӡыӡкәыр (апримула) уԥылоит Европа абнарақәа рҿы иахьабалак, иара убас Урыстәыла европатәи ахәҭаҿы, Кавказ, Ҭырқәтәыла, Иран. Ари ашәҭ ахьазҳауа аҳаскьынра уарҳалушәа акалашәа иарԥшӡоит.