Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шәҭы хкыс иуҭаху зегьы: аԥснытәи ааԥынра Sputnik аобиектив аҿы

Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik ишәзеизнагеит Аԥсны сынтәатәи ааԥынра ҳҭалеижьҭеи ицәырҵыз ашәҭақәа рфотосахьақәа.
Сынтәатәи ааԥынра Аԥсны макьана иԥхаррамхаӡацт, аха ҵиаақәак уеизгьы аиаҵәареи, ашәҭреи, афҩы хаа аушьҭреи иалагахьеит.
Аԥснытәи асубтропикатә ҳауа зқьыла аҵиаақәа реизҳаразы иманшәалоуп. Ара 3200 нызқь хкы раҟара ирызҳауеит, урҭ рахьтә 80 - аҭыԥантәи мацарақәа роуп (аендемикатә). Убри алагьы дара аԥсабараҿы хәызмам ракәны иҟоуп.
Амимоза – хәажәкырамза иасимволуп ҳәа ауаа рыхдырраҿы иаанхахьеит, сынтәагьы Жәларбжьаратә аҳәса рымш - Март 8 аламҭалаз иара шәҭит. Аха иҳаҩсыз аӡын иаразы ихьшәашәаран, лассы-лассы иауаз ақәеи аҵааи рымшала иԥхасҭахақәаз ашәҭқәа маҷым, аха уеизгьы, Аԥсни Урыстәылеи ари ашәҭ бзиа избо рҟынӡа инеиртә еиқәхеит.
Аӡынразы Аԥсны аԥшаҳәаҿгьы асы зныкымкәа илеит, уамак ишьҭамхазаргьы. Иахьазы рхы цәырыргахьеит асыкәақәа, ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа), ишәҭхьеит аџа́беи (амагнолиа) акамелиеи.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз амимоза ҩежьӡа уахьынаԥшы-ааԥшуа еилагылеит.

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз амимоза ҩежьӡа уахьынаԥшы-ааԥшуа еилагылеит. - Sputnik Аҧсны
1/8

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз амимоза ҩежьӡа уахьынаԥшы-ааԥшуа еилагылеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу акамелиа ашәҭқәа ҟаԥшьы-уаркалеиуа ипытит ааԥын шааизҵәҟьа.

Ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу акамелиа ашәҭқәа ҟаԥшьы-уаркалеиуа ипытит ааԥын шааизҵәҟьа.  - Sputnik Аҧсны
2/8

Ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу акамелиа ашәҭқәа ҟаԥшьы-уаркалеиуа ипытит ааԥын шааизҵәҟьа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳаскьынгьы ԥшқаӡа ана-ара иазҳауа иалагеит, игәыкӡа аҷабҳаскьынгьы (незабудки) аацәырҵит.

Аҳаскьынгьы ԥшқаӡа ана-ара иазҳауа иалагеит, игәыкӡа аҷабҳаскьынгьы (незабудки) аацәырҵит. - Sputnik Аҧсны
3/8

Аҳаскьынгьы ԥшқаӡа ана-ара иазҳауа иалагеит, игәыкӡа аҷабҳаскьынгьы (незабудки) аацәырҵит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аӡын шҳаҩсыз агәра узырго арҭ ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа) адунеи аҿы акырџьара иуԥылоит, иаҳҳәап Амшынбжьаратәии Агәҭантәии Европеи иара убас Азиа Маҷи.

Аӡын шҳаҩсыз агәра узырго арҭ ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа) адунеи аҿы акырџьара иуԥылоит, иаҳҳәап Амшынбжьаратәии Агәҭантәии Европеи иара убас Азиа Маҷи.  - Sputnik Аҧсны
4/8

Аӡын шҳаҩсыз агәра узырго арҭ ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа) адунеи аҿы акырџьара иуԥылоит, иаҳҳәап Амшынбжьаратәии Агәҭантәии Европеи иара убас Азиа Маҷи.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ааԥын иацҳаражәҳәаҩқәоу ашәҭқәа зегьы дара ртәала иссируп.

Ааԥын иацҳаражәҳәаҩқәоу ашәҭқәа зегьы дара ртәала иссируп. - Sputnik Аҧсны
5/8

Ааԥын иацҳаражәҳәаҩқәоу ашәҭқәа зегьы дара ртәала иссируп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Суланж имагнолиа ақалақь апаркқәеи амҩадуқәеи арԥшӡоит.

Суланж имагнолиа ақалақь апаркқәеи амҩадуқәеи арԥшӡоит. - Sputnik Аҧсны
6/8

Суланж имагнолиа ақалақь апаркқәеи амҩадуқәеи арԥшӡоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны 3200 раҟара аҵиаақәа ирызҳауеит, урҭ ҳаԥсабара иагьдырԥшӡоит, иагьдырзҩыдоит.

Аԥсны 3200 раҟара аҵиаақәа ирызҳауеит, урҭ ҳаԥсабара иагьдырԥшӡоит, иагьдырзҩыдоит. - Sputnik Аҧсны
7/8

Аԥсны 3200 раҟара аҵиаақәа ирызҳауеит, урҭ ҳаԥсабара иагьдырԥшӡоит, иагьдырзҩыдоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аӡыӡкәыр (апримула) уԥылоит Европа абнарақәа рҿы иахьабалак, иара убас Урыстәыла европатәи ахәҭаҿы, Кавказ, Ҭырқәтәыла, Иран. Ари ашәҭ ахьазҳауа аҳаскьынра уарҳалушәа акалашәа иарԥшӡоит.

Аӡыӡкәыр (апримула) уԥылоит Европа абнарақәа рҿы иахьабалак, иара убас Урыстәыла европатәи ахәҭаҿы, Кавказ, Ҭырқәтәыла, Иран. Ари ашәҭ ахьазҳауа аҳаскьынра уарҳалушәа акалашәа иарԥшӡоит. - Sputnik Аҧсны
8/8

Аӡыӡкәыр (апримула) уԥылоит Европа абнарақәа рҿы иахьабалак, иара убас Урыстәыла европатәи ахәҭаҿы, Кавказ, Ҭырқәтәыла, Иран. Ари ашәҭ ахьазҳауа аҳаскьынра уарҳалушәа акалашәа иарԥшӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0