Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Пушилин: "Азов" ацәгьоуцәа Мариуполь аҩны ԥыржәеит, уи иаҵаханы иҟоуп 200-ҩык рҟынӡа ауаа

Асабша асааҭ 10:00 инаркны 17:00 рҟынӡа Мариуполь аҭынчра арежим алагалоуп, аҭынч уааԥсыра рзы агуманитартә коридор аартуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Абатальон "Азов" иалоу ацәгьоуцәа Мариуполь Меотида абульвар аҿы игылоу ҩнык ԥыржәеит, уи иаҵаханы иҟоуп 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ахәыҷқәагьы ыҟоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит ДЖәР ахада Денис Пушилин Актәи аканал аефир аҿы.

"Минуҭқәак раԥхьа "Азов" иалоу ацәгьоуцәа Мариуполь Меотида абульвар 15/20 аҭыӡҭыԥ ала игылоу аҩны заа иаҵаҵан ирымаз арԥжәагақәа аус адырун, иԥыржәеит, уи иаҵаханы иҟоуп 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ реиҳараҩык ахәыҷқәеи аҳәсеи роуп", - иҳәеит Денис Пушилин.

Донецктәи Жәлар рреспублика ахада иазгәеиҭеит Мариуполь ахадара Запорожие аганахьала агуманитартә коридор аанартуеит ҳәа аҳәамҭа шыҟарҵаз, аха ДЖәР анапхгара уи азы аҭакԥхықәра рхахьы агара рылшом, избанзар Украина Арбџьармчқәа апровокациақәа шыҟарҵац иҟарҵоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҭынчра арежим аланагалеит ауааԥсыра Мариуполи Волновахеи иалҵырц азы
Абатальон "Азов" - Украина Амилаҭтә гвардиа иалоу аультраарӷьаратәи анеонацисттә ҟәшоуп.