Роскомнадзор Урыстәыла иахьаҵанакуа Facebook аусура ааннакылоит

Аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки ирылагӡаны урыстәылатәи АИХқәа рзинқәа реилагара ахҭысқәа 20 инареиҳаны иазгәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik. Роскомнадзор урыстәылатәи АИХқәа рганахьала иалагалоу аԥкрақәа рҭакс асоциалтә ҳа Facebook аусура ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит ахылаԥшратә усбарҭа.
"Хәажәкыра ԥшьба 2022 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы Facebook (Meta Platforms, Inc. иатәуп) аусура аанкыларазы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, 2020 шықәса жьҭаарамзаахыс Facebook аҟынтәи урыстәылатәи АИХқәеи аинформациатә ресурсқәеи рганахьала азинеилагарақәа 26 азгәаҭоуп.
Ари асоциалтә ҳа аӡбарала русурақәа ԥкын анаҩстәи урыстәылатәи АИХқәа: "Звезда", "РИА Новости", Sputnik, RT, "Лента.ру", "Газета.ру".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Googlе амаҵзура МИА "Россия сегодня" аматериалқәа дырбара армаҷит
Роскомнадзор даҽазныкгьы иргәаладыршәоит зыӡбахә ҳәоу аԥкрақәа рзин шыҟам Афедералтә закәан № 272-ФЗ "Ауаҩытәыҩса ишьаҭаркыроу изинқәеи ихақәиҭрақәеи, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи реилагара иалаҟьашьу ахаҿқәа рықәыӷәӷәаразы аусмҩаԥгатәқәа" ала. Уи рыдкылан, иара убас, аҳәаанырцәтә интернет-платформақәа рҿы урыстәылатәи АИХқәа рхы иақәиҭны ахархәара рымазарц ази урыстәылатәи ахархәаҩцәа урҭ рахь иҭаларц ази ишьақәгылоу апринцип хадақәа реилагара алмыршаразы.
Уаанӡа Урыстәыла Апрокуратура хада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыршаҳаҭны Facebook Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи реилагара иалаҟьашьуп ҳәа азханаҵеит уи урыстәылатәи АИХқәа рофициалтә даҟьақәа ахьаҿнахыз азы.