Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿы аҳаиртә ԥыррақәа рзы иҟоу аԥкрақәа ирыцҵоуп хәажәкыра 14 рҟынӡа

Росавиациа атәыла аладахьы иҟоу қалақьқәак рҳаиртә баӷәазақәа русура ааннакылеит жәабран 24 инаркны, уа аҭагылазаашьа ахьшәарҭоу азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Урыстәыла аладахьы иҟоу аҳаиртә баӷәазақәа рҳауатә ҵакырақәа рхархәаразы аԥкрақәа ирыцҵоуп хәажәкыра 14 асааҭ 03:34 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит ҟәбинатәи аҳаиртә баӷәазақәа рыпресс-маҵзура "Аэродинамика".
Уаанӡа аԥкрақәа амч рыман хәажәкыра 8 рҟынӡа.
Урыстәыла аладахьы аҳаиртә баӷәазақәа русура аанкылоуп жәабранмза 24 раахыс Украина абџьарахыхразы имҩаԥысуа иҷыдоу аоперациа амшала урҭ аҳаирбаӷәазақәа рҿы аҭагылазаашьа ахьшәарҭоу азы.
Шәачатәи аҳаиртәбаӷәаза аус ауеит аамҭалатәи ахаб аҳасабала, абжьааԥнеиԥш аусура иацнаҵоит. Аԥыррақәа аанкылоуп анаҩстәи аҳаиртә баӷәазақәа рҿы:
Анапа,
Белгород,
Брианск,
Воронеж,
Геленджик,
Краснодар,
Курск,
Липецк,
Ростов-на-Дону,
Симферополь,
Елиста.
Егьырҭ урыстәылатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазақәа абжьааԥнеиԥш аус руеит.