Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҭынчра арежим аланагалеит ауааԥсыра Мариуполи Волновахеи иалҵырц азы

Иацы урыстәылатәи аруаа ирылшеит аашықәса раахыс Волноваха знапаҿы иҟаз аӷа имацәаз аиԥырҟьара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Урыстәыла аҭынчра арежим аланагалеит ауааԥсыра Мариуполи Волновахеи иалҵырц азы, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иахьа ашьыжь, хәажәкыра хәба, москватәи аамҭала асааҭ 10 инаркны урыстәылатәи аган аҭынчра арежим аланагалоит, Мариуполи Волновахеи рҭынч уааԥсыра рзы агуманитартә коридорқәа аанартуеит", - ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит аусбарҭаҿы.
Агуманитартә коридорқәеи излалҵуа амаршрутқәеи украинатәи агани дареи еиқәышаҳаҭны иазгәарҭеит.
Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа аҩбатәи рраунд алҵшәақәа рыла, аганқәа аҳәамҭа ҟарҵеит агуманитартә зҵаарақәа рганахьала аилибакаарахь ишкылсыз.
Аиҿцәажәарақәа ахԥатәи рраунд уажәтәи аԥсшьарамшқәа раан иазԥхьагәаҭоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи Украинеи агуманитартә зҵаарақәа рзы гәаанагарак иазааит