Аԥсны

Аԥснытәи атаибоксиорцәа Геленџьик атурнир аҿы ахьтәы медалқәа жәба ргеит

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы муаи-таи азы аиндаҭлара иалахәын 300-ҩык аспортсменцәа. Имҩаԥысит Геленџьик, хәажәкыра 3 -6 азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи атаибоксерцәа Геленџьик атурнир аҿы ахьтәы медалқәа жәба ргеит ҳәа Sputnik иазеиеҭиҳәеит атаитә бокс азы Аԥсны Афедерациа аиҳабы Ҭеимураз Гьергьедаа.
Зынӡа Аԥснынтәи атурнир иалахәын 33-ҩык аспортсменцә. Шамахамзар дара зегьы аԥхаьхәқәа ранашьахеит.

Аицлабра аихшьаалақәа рыла, Аԥснытәи аспортсменцәа ироуит ахьтәы медалқәа 9, аразынтәқәа 10, аџьазлыхқәа 12.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы муаи-таи азы аиндаҭлара иалахәын 300-ҩык аспортсменцәа. Аԥсны ахьӡала иқәгылан 33-ҩык аспортсменцәа таибоксиор аклуб "Гьаргь Аиааирагаҩ", аспорттә клуб "Воин" рҟынтәи.