Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷиа ажәеизатәи афестиваль "Аԥхьарца" аҷыдарақәа ирызкны

Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны жәлар рырҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы Жәлар ринструментқәа ажәеизатәи афестиваль "Аԥхьарца" амҩасшьеи егьырҭ излареиԥшымызи атәы иҳәеит.
Sputnik
Аицлабра – аизҳара, аҿиара иацхраауеит, афестиваль ала жәлар рарҳәагақәа рахь абзиабара, агәбылра дҳаркуеит аҿар ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа арадиоефир аҿы.
"Ари Афестиваль ааҟара аџьабаа здызбалазгьы, сагьзыцәшәозгьы, сзыхӡыӡаауазгьы санымиацызт. Сынтәа ҿыцны иалагалан абазақәа ргәыԥ. Ҟарачы-Черкесск жәлар рарҳәагақәа рансамбль шыҟаз ансаҳа, ааԥхьара рысҭеит. Украина ахҭысқәеи ачымазара аҿкыи иахҟьаны аҵыхәтәанынӡа еилкаамызт афестиваль ҟало иҟамло, аха ирацәахаз ауадаҩрақәа шыҟазгьы ҳгәы камыжькәа иаҳгәаӷьит уи амҩаԥгара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.