Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәакәасқьыр Гал апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара атәы

З5- тәи Галтәи алхырҭатә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апарламентә алхрақәа рышҽазыҟарҵаз араион аҟны, алхратә ҭыԥқәа шеиҿкаау, урҭ ирыҵаркуа аҭыԥқәа.
Sputnik
Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы.
5-тәи, 10-тәи, 14-тәи алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Аханатә ашәҟәы иҭагалан 133-ҩык, АКХ аҟны ишазгәарҭаз ала, урҭ рахьтә жәҩык иахәҭаз ашәҟәқәа аларымҵеит. Дәрыԥшьтәи алхратә ҭыԥ хадала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь ицоз акандидат ашәҟәы дҭыргеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.