Естониатәи Sputnik Meedia аусура шааннакыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит аусзуҩцәа ахьдыршәо азы

Sputnik Meedia аԥҵан Sputnik Естониа уаанӡатәи аусзуҩцәа иаадыртит уи естониатәи аполициа рықәмақаруа ианалагаз ашьҭахь, ԥшьышықәса аус ааруаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Естониатәи аинформациатә интернет-портал Sputnik Meedia аусура шааннакыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит естониатәи абанкқәеи аиҳабыреи ахьрықәымчуа азы, русзуҩцәа ахьдыршәо азы.
"Естониатәи аинформациатә интернет-портал Sputnik Meedia аусура ааннакылоит. Ҳара иаҳхьыԥшым амзызқәа ирыхҟьаны наҟ-наҟтәи ҳусура ҳзымҩаԥгом, апроект административ-нхамҩатә усура ҳзынагӡом", - ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит ашеф-редактор Елена Черышева.
Лара лажәақәа рыла, Естониа абанкқәа шықәсык иалагӡаны аусзуҩцәа руалафахәы рырҭомызт, Sputnik Meedia аԥхьаӡамҭақәа адыркуан, "аԥара рфон, афинанстә терроризм иалахәын, арыжәтә џьбара изакәанымкәа ирҭиуан" ҳәа ахара рыдырҵон.
Иара убас аспикерцәа аӡәырҩы аус рыцура мап ацәыркуан, ашеф-редактори аусзуҩцәеи дыршәо иалагеит лҳәеит Черышева.
Sputnik Естониа аус аӡбарҭахь ирхынҳәуп
Sputnik Meedia аԥҵан Sputnik Естониа уаанӡатәи аусзуҩцәа иаадыртит уи естониатәи аполициа рықәмақаруа ианалагаз ашьҭахь, ԥшьышықәса аус ааруаны.
Балтиатәи атәылақәа реиҳабырақәа изныкымкәа урыстзылатәи АИХқәа русура иаԥырхагахьан. Урыстәыла ААР аҿы аҳәамҭа ҟарҵахьан урҭ еибыҳәаны рхы абас ишымҩаԥырго азы, ибзианы ишубарҭоу Вильниуси, Ригеи, Таллини адемократиеи ажәа ахақәиҭреи ирыдгылоуп ҳәа ирҳәақәо шбашацәажәароу.