Иага аҭыԥантәи аалыҵ ухы иаурхәозаргьы, абизнес уанаҿу тауарқәак анҭыҵынтә аахәатәыс иуқәшәоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Агрԥҳа.
"Иҟоуп атауарқәа иара Урыстәылагьы Европантәи ироуа, Урыстәыла аҩнуҵҟа иҟарҵозаргьы, Европатәи афирмақәа иаадыртыз ауп. Акәац, ача аҭыԥан иҟаҳҵозар, акартош фри, еиуеиԥшым асоусқәа иааҳго рахь иаҵанакуеит. Ҳара ҳҽазаҳкхьан ҳхала уажә аԥхьагьы акартош аҟаҵара, аха McDonald's еиԥшхаратәы ҟаҵашьа ҳзамҭеит. Атауар ҳзаазгоз адырра ҟарҵахьеит, аалыҵбжа раагара ишаҟәыҵуа атәы. Ҳаргьы аҭагылазаашьа ԥхьаҟа иҿиар шалшоз дырны, хәыҷык атауар иаахәаны ашьҭаҵара ҳалшеит, иҳамаз аԥара зегьы ҳхәы иаҳархәеит, аха уи мызкы аҟароуп ҳахьабо", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.
Лолита илҳәеит иаархәо аалыҵқәа рыхәқәа акырӡа рыҽшырыԥсахыз. Адоллар ахә усҟак ишьҭымҵӡеит, афатә ахә 40% иацлартә еиԥш ҳәа азгәалҭеит лара. Анаплакҩы илҳәеит илымоу аус аиқәырхаразы мҩақәак аԥшааразы аамҭа шаҭаххо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.