Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳақьымцәа ДЖәР аҟынтәи рколлегацәа ирыцхраарц инеит

Москва, Подмосковие, Башкириа, Калмыкиа, Уаԥстәыла рҟынтәи 20-ҩык аҳақьымцәа ДЖәР ахь инеит ацхырааразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа ДЖәР аҟынтәи рколлегацәа ирыцхраарц инеит Telegram-канал Донбасс решает.
ДЖәР ахь инеиз аҳақьымцәа, москватәи ахирург, Аҳәынҭдума адепутат Бадмы Башанкаев иажәақәа рыла, рхатә харџь ала аԥсшьарамшқәа ганы ареспубликахь амҩа иқәлеит.
Иара еиҭеиҳәеит иидыруаз донецктәи ахирургцәа иҽшрымеидаз, иарбан цхыраароу еиҳа ирҭаху шеиликааз. Анаҩс Башанкаев иколлегацәа рахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы.
ДЖәР ахь амҩа иқәлаз рыбжьара иҟоуп ахирургцәа, атравматологцәа, анестезиологцәа.
Дара хәыда-ԥсада ацхыраара ҟарҵалоит, Донецк аиԥш егьырҭ ареспублика ақалақьқәеи араицентрқәеи рахь инеилоит.