Аус ирлас еиҿкаахаз усхеит, убри аҟнытә хыԥхьаӡарала амашьынарныҟәцаҩцәа усҟак ирацәамызт ҳәа азгәеиҭеит Ӷәынџьиа. Акциа аиҿкаараан адгылара рырҭеит аҿар рхеилаки амашьынарныҟәцаҩцәа рыклубқәеи.
"Урыстәылеи ҳареи ҷыдала ҳаимадоуп аҟнытә, акциа амҩаԥгара иахәҭаны иҳаԥхьаӡеит. Ҳара ҳадгылоуп Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда, избанзар Донбасс имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы ҳдыруеит, ауаа рацәа ҭахахьеит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны. Донецки Лугански рҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра азхаҵара аусгьы иахәҭаны иҳаԥхьаӡоит, уи аибашьра аанкылара иатәуп ҳәа ҳазнеиуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ӷәынџьиа.
Ӷәынџьиа иҳәеит Донбассынтәи Аԥсны иҟоу ахҵәацәа ацхыраара шрыҭаз атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.