Аԥсны

Аԥсны АҶА Луганскҟа агуманитартә еидара амҩа иқәнаҵеит

Аусбарҭа агуманитартә цхыраара еизнагоит ДЖәР ауааԥсыра рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны АҶА Луганск жәлар рреспублика ауааԥсыра рзы 25 тонна агуманитартә еидара амҩа иқәнаҵеит.

Амашьына дуқәа ҩба рыла амҩа иқәлеит Аԥсны ауааԥсыра Лугансктәи ареспублика ауааԥсыра рзы еизыргаз афатә-ажәтә, ахәыҷымаҭәа, ахәмаргақәа.

Агуманитартә цхыраара ҟарҵеит Аԥсны инхо реиԥш Москватәи аԥсуа диаспора, атәыла аиҳабыра.
Аԥсны
Аԥсни Лугански адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит
Донецки Лугански рҟны аҭагылазаашьа шыуадаҩхаз аиԥш арҭ аҭыԥқәа аанрыжьит зықьҩыла ауааԥсыра. Раԥхьатәи ахҵәацәа Аԥсныҟа иааргеит жәабран 24 азы, аҩбатәи агәыԥ - хәажәкыра 2 азы. Иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Дара асасааирҭа "Аиҭар" иҩноуп.