Хәажәкыра 10 рзы АҶА агуманитартә цхыраара рыманы амҩа иқәлоит Луганскҟа, анаҩс аҩбатәи аидара шьҭхоит Донецкҟа ҳәа иҳәеит Кәыҵниа арадиоефир аҿы.
"Луганскҟа иаагаша зегьы еиқәыршәаны иҳамоуп. Даара гәыраҳаҭла Аԥсны ауааԥсыра ацхыраара ҟарҵеит. Иҟоуп Москва инхо ҳдиаспора ахаҭарнакраҟынтә ацхыраара аазышьҭызгьы. Еиҳарак иаҳго афатә ауп, иҟоуп ахәыҷқәа рзы амаҭәагьы. Ҩ-машьынак иркыша аидара ҳамоуп, акы 15 тонна рҟынӡа ақәуп, егьи - 12 тонна", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр иҳәеит ацхыраара аус аизгара макьанагьы ишхыркәшам. Кәыҵниа еиҭеиҳәеит аҭыԥан аидара ашара аус шеиҿкаахо атәы.
Агәыҳалалратә цхырааразы азҵаарақәа змоу зегьы асыр рылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: 226-30-49, 229-75-57.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.