Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина авиациеи Аҳаиртә хыхьчаратә шьақәгылақәеи рнапхгара уаҳа иалшом

Урыстәыла жәабран 24 рзы арратә операциа ҷыда иалагеит Украина.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10– Sputnik. Украина авиациеи аҳауаҿагыларатә хьчареи рнапхгараҭара ацәыӡит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков.
Арратә операциа мҩаԥысуеижьҭеи урыстәылатәи ар иҭадырхеит 137 зенит-ракетатә комплексқәа С-300, "Бук М-1", С-125. Ари украинатәи Арбџьармччқәа ирымоу азенит-ракетатә комплексқәа 90% шьақәдыртәоит.

"Иҭархоуп 81 радиолокациатә пост. Ари Украина авиациеи аҳауаҽацәыхьчареи рнапхгара алымшо иҟанаҵоит. Иахьазы ПВО асистемақәа урыстәылатәи авиациа иаҿагылартә аҭагылазаашьа рымам", - ҳәа иҳәеит Конашенков.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы ателехәаԥшрала алаҳәара аныҟаиҵоз иҳәеит "аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит" ҳәа.
Урыстәыла ахада иҳәеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәара иахьатәи украинатәи арежим иадҵахоит ҳәа.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит, арратә инфраструктура, аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа ықәырхуеит.
Аоперациа ҷыда иалаган жәабран 24 азы. Уи аԥхьа Путин ДЖәРи ЛЖәРи рсуверенитет азхеиҵеит.