АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. ЕАА иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов Вашингтонҟа ааԥхьара ҟаиҵеит арратә биологиа аусхк аҿы аусурақәа ныркыларц, ахимиатә бџьар ықәыргарц ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Антонов иџьашьатәуп ҳәа ахиҳәааит ЕАА анапхгара Москва ахим- биоконвенциа еиланагеит ҳәа ирҳәаз.
Уаанӡа ЕАА Аҳәынҭдепартамент аҳәамаҭа ҟанаҵахьан Вашингтон Украина ахимиатә ма абиологиатә лабораториақәа шамам азы. Убри аан Урыстәыла ахара арҭеит Москва ахим- биоконвенциа еиланагеит ҳәа.
"Америкатәи амчрақәа ари аҩыза рҳәамҭа иаанарԥшуеит Аҩны шкәакәа агәҭынчымра шамоу Урыстәыла аҳәаа иацәыхарамкәа аԥара зыхнашәаауаз алабораториақәа ааԥшыр ҳәа" - иҳәеит Антонов.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла ЕАА 200 миллион доллар ннахит Украина абиологиатә лабораториақәа рыҟаҵаразы ҳәа аӡыргара мҩаԥнагеит.