АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы шәҟәы ацӡамкәа акриптоԥара арҳаразы ахархәагақәа ааныркылеит урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы агәаҭарақәа рымҩаԥгараан ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақьтә маҵзура апресс-маҵзура.
Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз аидарамҩангага автомашьына DAFCF аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иааныркылеит. Амашьына аԥсҟы зкыз, 1977 шықәсазы Аԥсны ииз, ашәҟәы иҭагалатәу атауар сымам ҳәа иҳәеит.
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амаининг-хархәагақәа риагара аанкылан
© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни
Автомашьына МИДК ахархәарала игәаҭан. Агәаҭараан атранспорттә хархәага акабинаҿы иаарԥшын асалафан илаҳәаз аметалл иалху апластинақәа, аелектронтә платқәа рсахьа рыманы (27 цыра - 45 кьыла).
Аҳазалхыҩцәа ргәаанагарала урҭ хеш-платқәоуп. Атауар азы ашәҟәқәа амашьына арныҟәцаҩ имамызт, изызкыз ҳәагьы акгьы изымҳәеит.
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амаининг-хархәагақәа риагара аанкылан
© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни
Аҳазалхыҩцәа атауар аекспертизахь агәаҭаразы инарышьҭит. Иҟаз ахҭыс аганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп: Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа (ашәҟәы иҭагалам атауар азы административтә ҭакԥхықәра, ииашамкәа атауар ашәҟәы аҭагалара) ала. Иара инақәыршәаны административтә хараԥса иартәоит: атауар ахә ҩынтәла ашәара, атауар амхра. Имҩаԥысуеит административтә усҭҵаара.