Аԥсны

Донбасси Урыстәылеи рыдгыларазы акциа ҭбаа мҩаԥысуеит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Донбасс ареспубликақәа рыҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы Урыстәыла имҩаԥнаго аусқәа рыдгыларазы акциа ҭбаа мҩаԥысуеит Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны.
Еизаз арахь иааргеит аплакатқәа "Ҳара Урыстәыла ҳадгылоит!", "Ҳара аҭынчра ҳадгылоит!" ҳәа рынҵаны.
Еизаз рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.

"Ҳаҭыр зқәу ажәлар! Ҳара иахьа ара ҳаизеит ҳҩыза, ҳпартниор – Урыстәылатәи Афедерациа адгылара аҳҭарц. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит атәыла анапхгара, хаҭала - Владимир Владимир-иԥа заҟа ирцәыуадаҩыз аоперациа ҷыда алагара. Ара иҟоуп еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Ара ирҳәоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рҿы ҳара ҳаӡәыкуп ҳәа. Жәларбжьаратәи аилазаара агрессиа аадырԥшуеит Урыстәыла аганахь ала. Азҵаара ықәҳаргылоит – иабаҟаз арҭ аиашара адгылаҩцәа Донбасс аҭынч уааԥсыра анындырҵәоз?" – иҳәеит Аԥсны ахада.

Иара иҳәеит Мраҭашәара ҩ-ганктәи аполитика ишадгыло. НАТО арратә инфраструктура Урыстәыла аҳәаақәа рҽадыԥхьалара адунеи аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашәарҭара иҭанаргылон ҳәа иҳәеит Бжьаниа. Иара иазгәеиҭеит абри азы 15 шықәса раԥхьа, Миунхентәи аконференциаҿ агәҽанҵара шыҟаиҵахьаз Владимир Путин.