Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР ар ақалақь Волноваха рнапахьы иргеит

Урыстәылатәи арратә мчрақәа 17 километра ԥхьаҟа ицеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11- Sputnik. ДЖәР ар ақалақь Волноваха рнапахьы иргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Донецктәи Жәлар Рреспублика аруаа ахы иақәиҭыртәит ақалақь Волноваха", - иҳәеит аинрал.
Иара убасгьы иҳәеит, ахылаԥшра шрырҭо аиланхарҭақәа Ольгинка, Велика-Анадоль, Зеленыи Гаи.
Конашенков иажәақәа рыла Донецк Жәлар рмилициа Мариуполь амацәаз иҭакны ирымоуп.
Урыстәылатәи арратә мчрақәа Петровское - Евгеновка – Октиабрскаиа ркалҭқәа рҿы игылоуп, 17 километра ԥхьаҟа еиҭаҵны.
Жәлар рмилициа ахаҭарнак Едуард Басурин иажәақәа рыла, ареспублика аруаа 80 еиланхарҭа ахылаԥшра рырҭоит. Волноваха агара иааироуп, Мариупольгьы анапахьы аагара иамҩоуп ҳәа иҳәеит иара.