Европа иҟоу урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭақәа иахьрықәло азы аусҭҵаарақәа хацыркуп

Автомобиль сотрудников Следственного комитета
Иахьазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рҭагылазаашьақәа ҭҵаахоит, иазырхиахоит иахәҭаны ишьоу азыҳәақәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа изыхәҭоу русбарҭақәа рахь.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аҳәаанырцә, Нидерландиеи Ирландиеи урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭақәа иахьрықәлаз, Франциа Россотрудничество иахьақәлаз азы Ашьаусҭҵааратә еилакы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Имҩаԥгаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы х-уск хацнаркит Нидерландиеи Ирландиеи иҟоу урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭақәеи Франциа Россотрудничествои иахьақәлаз азы. Имҩаԥгоу ацәгьоура УА АЗ 360-тәи ахәҭаҷ 2-тәи ахәҭа иаҵанакуеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа адыррала жәабран 28 азы Нидерландиа иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа апетардақәа агәыдырҵеит, амиссиа атранспорт ааха арҭеит.
Хәажәкыра 7 азы Дублин идырым аӡәы Ацҳаражәҳәарҭа агәашә дажәлеит. Иара убри амш азы Париж Россотрудничество ахыбра иақәлеит.
"Еиқәыԥхьаӡоу ахҭысқәа урыстәылатәи аусҳәарҭақәа русзуҩцәа ашәарҭара иҭанаргылоит, русура еиԥырҟьоит. Ацҳаражәҳәарҭа амазара аԥхасҭа аҭоуп", - рҳәоит аилак аҿы.
Убри аан, иқәылаз изусҭцәоу рзымдырырц залшом, арҭ ахыбрақәа жәларбжьаратәи ахьчара шрымоу.
Аусҭҵаара ахҭысқәа рыҟалашьа шьақәнаргылоит, уи ашьҭахь иазнархиоит иахәҭаны ишьоу азыҳәақәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа изыхәҭоу русбарҭақәа рахь.