Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа ԥкуп хәажәкыра 20 аҟынӡа

Росавиациа атәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа русура ааныркылеит жәабран 24 азы, урҭ аҵакырақәа шәарҭаны иԥхьаӡаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Урыстәыла аладатәи ахәҭеи агәахьи аԥыррақәа ԥкуп аҽа мчыбжьык, хәажәкыра 20 аҟынӡа ҳәа адырра ҟанаҵоит Росавиациа.
Арахь иаҵанакуам Шәачатәи абаӷәаза. Иара аамҭаалтәи ихадоу ҳаиртә баӷәазаны иԥхьаӡоуп, абжьааԥаны еиԥш аус ауеит.

"2020 шықәса хәажәкыра 20 асааҭ 03.45 инаркны иацҵоуп Урыстәыла аладатәи акалҭахь аԥырра аамҭалатәи аԥкрақәа. Аамҭала аԥыррақәа ԥкуп: Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьик, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭара.

Апассаџьырцәа рымҩаԥгаразы аԥырратә еилахәырақәа ирабыжьгоуп даҽа хырхарҭамҩак рхы иадырхәаларц: Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва.
Росавиациа атәыла аладатәи аҳаиртә баӷәазақәа русура ааныркылеит жәабран 24 азы, урҭ аҵакырақәа шәарҭаны иԥхьаӡаны.