Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Украина арратә обиектқәа 3 593 ықәаҳххьеит

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Аҳаир-космостә мчқәа авертолиот Ми-24-и Украина Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам Bayraktar-ки ԥыржәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа иқәырхит Украина арратә обиектқәа 3 593, абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков асабша имҩаԥигаз абрифинг аан.
"Аоперациа мҩаԥысуеижьҭеи иқәхуп Украина арратә инфраструктура аобиектқәа 3 593", - иҳәеит аинрал.
Конашенков иазгәеиҭеит убри ахыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 126, атанкқәа 1159, егьырҭ аибашьыгатә кәылӡтәы машьына, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа 118, адәынтәи артиллериа абџьарқәа 436, иҷыдоу арратә автомобильтә техника 973 ак, иара убас авертолиотқәа 61.
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит ЛЖәР-и Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәеи ргәыԥқәа ԥхьаҟа ажәыларақәеи аҳәаа ҿыцқәа рахь анеиреи ишаҿу, апункт ҿыцқәа рхы ишақәиҭыртәыз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар украинатәи арратә мчрақәа ррадиоԥшыхәратә центр хада ҭадырхеит