АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Ажәыларатә баталион "Аидар" 300-ҩык раҟара аҭынч уааԥсыреи аберцәеи тҟәаны ирыман Николо-Василиевтә Анцәа иан илызку аберҭыԥ ԥшьаҿы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
Украина амчрақәа аберҭыԥ аҵакыраҿыҵәҟьа рхырӷәӷәарҭақәа ҟарҵеит иҳәеит иара.
"Ари аиланхарҭа (Никольское - азгә.) ахақәиҭтәраан, урыстәылатәи архәҭақәа анационалистцәа рыхәҭак ықәырхит, атҟәацәеи аберҭыԥ ахыбреи ааха рмоуӡеит", - иҳәеит Конашенков.
Уахки-ҽнаки рыла урыстәылатәи архәҭақәа даҽа 14 километра инаскьеит, рнапахьы иааргеит аиланхарҭақәа Благодатное, Владимировка, Павловка, Никольское аладатәи рыхәҭақәа.
Лугансктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Боровское амацәаз иҭаркит, рыҽдырӷәӷәеит ақалақь Попаснаиа аҩадатәи араионқәа рҟны, Северодонецк ақалақь аладатәии мрагыларатәии ахәҭақәа адыркит.