Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҳәамҭа ҟарҵеит ауаа реиланхарҭақәа 89 рхы ишақәиҭыртәыз

Иацы ирҳәахьан ауаа реиланхарҭақәа 85 рхы ишақәиҭыртәыз.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Донецктәи Жәлар Рреспублика аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи рхы иақәиҭнатәит ауаа реиланхарҭақәа 89, абри атәы аанацҳауеит ДЖәР аҵакыратә тәылахьчара аштаб Telegram аҿы.
Ауаа реиланхарҭақәа ԥшьба иацаахижьҭеи ДЖәР анапхьы иааргеит.
"2022 шықәса хәажәкыра 13 рызтәи аҭагылазаашьала ДЖәР архәҭақәа рхы иақәиҭыртәи аиланхарҭақәа 89, убри ахыԥхьаӡараҿы иҟоуп Павловка, Никольское, Владимировка, Благодатное", - ҳәа аанацҳауеит аштаб.
Зхы иақәиҭтәыз Донецктәи Жәлар Рреспублика адгьылқәа рҿы 23 нызқьҩык раҟара аӡи, аԥхарреи, агази рымамкәа иҟан ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп, украинатәи аруаа хатәы ҩнқәак, асоциалтә инфраструктура, Новоазовски, Тельмановски, Старобешевски араионқәа еимаздо амҩадуқәа рҟны иҟоу ацҳақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Аидар" аибашьцәа 300-ҩык аҭынч уааԥсыра аберҭыԥ аҿы иаанкыланы ирыман