Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Мариуполи уи анҭыҵи инхо уахыки-ҽнаки рыла 96-ҩык алыргеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Иаҳхысыз аҵх азы Мариуполи уи анҭыҵ Безыменныи аҟынтәи 96-ҩык ауааԥсыра алыргеит, урҭ рахьынтәи 20-ҩык ахәыҷқәа, абри атәы аанацҳауеит Донецк жәлар рреспублика атерриториалтә хьчара аштаб Telegram аҟны.
Уажәтәи аамҭазы ахҵәацәа Донецктәи АҶА еиҿыркааз ахҵәацәа ацхыраара ахьрырҭо аҭыԥ аҟны иҟоуп.
Хәажәкыра 5 инаркны 13 нӡа ауааԥсыра ацхыраара рызҭо аҭыԥ "Безыменное" ашҟа иааргахьеит 863-ҩык ахцәацәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аҳәаа иахысит ф-нызқьҩык рҟынӡа Донбасстәи ахҵәацәа
Жәабран 21 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански ареспубликақәа рсуверенитет азхеиҵеит, жәабран 24 рзы Украина аоперациа ҷыда дшалаго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла иазгәаҭоуп Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рымҩаԥгара, Донбасс "аҭынчуааԥсыра рҭырхаразы" ахара здуи арратә цәгьоуцәеи зегьы аӡбара иаҭахоит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа рыцхыраарала Донецки Лугански гәыԥ-гәыԥла ржәыларақәа дырҭбаауит. Украина ампыҵахалара зынӡа аӡәгьы игәы иҭаӡам иҳәеит Путин.