АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Аԥсны ахәҭак Аҟәа ақалақь агәы налаҵаны лашарада иаанхеит аҳауатә цәаҳәа "Шьешьелеҭ-1" аҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Алашара рымаӡам Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәеи Аҟәа араион мрагылара ахәҭа иара убас, Аҟәа ақалақь агәҭеи мрагылареи.
"Амшынеиқәафымцамч" амҩақәҵаратә усбарҭа амашәыр аԥыхразы аусурақәа ирылагеит.
Аԥсны афымцамчтә усхк ауадаҩра хадақәа иреиуоуп иақәу аидара ахьдууи аинфраструктура ахьажәуи.