Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩыс дҟаҵоуп Едгар Ӷәазаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ аҿар адгылара рыҭаразы Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" аусура хылаԥшра аиҭалоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩыс дҟаҵоуп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа Москватәи рҳәынҭқарратә институт (МГИМО) аҿы иҟоу Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла (СНГ) иаҵанакуа атәылақәа рыклуб аҳәаақәҵаҩ Едгар Ӷәазаа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿ иаԥҵоу аҿар адгылара рыҭаразы Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" аусура хылаԥшра аиҭалоит Урыстәыла егьырҭ аҵараиурҭақәа рнырра аус аҿы.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿ иаԥҵоу аҿар адгылара рыҭаразы Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" аусура хацнаркит 2022 шықәса жәабранмзазы Москва. Иара хықәкыс иамоуп Аԥснытәи аҟыбаҩ злоу аҿар Урыстәыла аҵараҵара рҭалареи астажировка рахыжьреи.