Аԥсны

Аԥсны хәажәкырамзазы урыстәылаа рыԥсы ахьыршьаша атәылақәа рсиа иаҵаркуп

Урыстәылатәи авиаеилахәырақәа хәажәкыра 8 инаркны авиареисқәа реиҳарак русура ааныркылоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа хәажәкырамзазы Аԥсны рыԥсы ршьар алшоит, мчыбжьыктәи аԥсшьаразы 23,7 нызқь мааҭ шәаны ҳәа аҩуеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа.
АТОР аҿы иазгәарҭоит урыстәылаа атурпакетқәа аархәар шрылшо Аԥсны, Бырзентәыла, Египет, Таиланд, Мальдивқәа, Индонезиа, Сеишелқәа рахь.
"Хәажәкырамзазы аҳәаанырцә аԥсшьара рылшоит мчыбжьык аҩнуҵҟа 23,7 нызқь мааҭ шәаны (Аԥсны), 66,7 нызқь мааҭ (Ермантәыла) уҳәа иахьцо атәыла иаҿырԥшны", - ҳәа рҳәеит Ассоциациаҿы.
Жәларбжьаратәи аԥыррақәа шаанкылоугьы, аҳәаанырцәмҩангаҩцәа ишиашоу ицо ареисқәа мҩаԥыргоит.
"2022 шықәса хәажәкырамзазы аҳәаанырцәмҩангаҩцәа Урыстәылантәи ишиашоу ицо ареисқәа цоит Ҭырқәтәыла, Арабтәи Аемиратқәа (ОАЕ), Бахреин, Катар, Марокко, Иран, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Ермантәыла, Белоруссиа, Туркменисҭан, Таџьикисҭан, Узбекисҭан, Индиа, Шри-Ланка рахь", - рҳәеит АТОР аҿы.
Урыстәыла Абанк аҟны ирҳәеит ахсаалага "Мир" здызкыло атәылақәа рыбжьара Аԥснгьы шыҟоу
Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа иахырҟьаны урыстәылатәи аҳаирпланқәа аҳәаанырцә идырбаандаҩыр алшоит. Убри азы урыстәылатәи авиаеилахәырақәа хәажәкыра 8 инаркны авиареисқәа реиҳарак русура ааныркылеит.