Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЛЖәР Украина Арбџьармчқәа хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыра ҭадырхеит ҳәа адырра ҟарҵеит

ЛЖәР амчрақәа рдыррала, арратә цәгьоурақәа рыҿҳәара ахыԥаӡом, ахара зхароу зегьы ирыхәҭоу иақәшәоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Лугансктәи Жәлар Рреспублика амчрақәа Попасниансктәи ахырхарҭала ржәылараан аихамҩа ааигәара хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыра иреихсны ишшьыз рбеит. Абри атәы аанацҳауеит Луганск Жәлар рмилициа Telegram-канал аҟны.

"Жәлар рмилициа Попасниансктәи араион аихамҩа ааигәара хыԥхьаӡара рацәала изеихсны ишьыз ауаа рыԥсыжырҭа рыԥшааит. Ихьаҵуаз аӷа ир ауаа аҩнқәа ирдәылцаны хыхьчагас раԥхьа идыргылон. Уи мап ацәызкуаз ма ибналарц зҽазызкуаз иреихсны иршьуан", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Попасниа иҟалаз ахҭыс зыԥсы ҭоугьы рахьтә избаз ҟалар алшоит.
Аусбарҭа ахаҭарнак ҷыда Иван Филипоненко иажәақәа рыла, ЛЖәР аруаа украинатәи амчрақәа рыцәгьоурақәа азгәарҭоит. Иара убасгьы иҳәан Украинатәи Арбџьармчқәа атәыла иалҵыр зҭаху аҭынч уааԥсыра шаурмыжьуа, ахацәа ракәзар, мчыла абџьар ишаҵадыргыло.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР аҳәамҭа ҟарҵеит ауаа реиланхарҭақәа 89 рхы ишақәиҭыртәыз
Украина арратә операциа ҷыда иалаган жәабран 24 рзы. Урыстәыла ахада Владимир Путин ишиҳәаз ала, иара иахықәкы хаданы иҟоуп Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчара.