Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟрыми Донбасси рыбжьара адгьыл аҿы акоридор аадыртит

Ари амҩа цхыраагӡахоит ДЖәР ахь агуманитартә еидарақәа рнагаразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Ҟрыми Донбасси рыбжьара адгьыл аҿы акоридор рзаадыртит мҩала еимадахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ахада иҟны ареспублика Ҟрым ахаҭарнак, ҟрымтәи аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов иажәақәа рыла.
"Ҟрыми Донбасси Украина аҵакырала адгьылмҩа еиманадоит. Хылаԥшра амоуп Ҟрым инаркны Мариупольнӡа автомашьынатә мҩа", - иҳәеит Мурадов.
Иара иажәақәа рыла, украинатәи аҵакыраҿы аибашьра ахьынӡацо, ари амҩа ДЖәР ауааԥсыра рахь агуманитартә цхыраара анагаразы ихәарҭахоит.
"Амҩа цхыраагӡахоит Ҟрыми аметаллургиатә центрқәа ирыҵаркуа Мариуполи иареи реимадаразы. Асовет аамҭазы ари амҩа Евпаториантәи Мариуполь иалсны Донецкҟа аидарақәа рымҩангараҿ ахархәара арҭон", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР аҳәамҭа ҟарҵеит ауаа реиланхарҭақәа 89 рхы ишақәиҭыртәыз
Мурадов иара убасгьы иҳәеит ишазхәыцтәу Ҟрымтәи амшынбаӷәазақәа рҟынтәи Азовтәи амшын абаӷәазақәа - Мариупольи Бердиански рахь аидарақәа риагара. Ари арегион уаҵәтәи аҿиара иазырхоуп ҳәа.