Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аруаа Донецк ианалахысуаз ҩажәаҩык ауааԥсыра ҭахеит

Иҭахаз рзы аинформациа шьақәдыргылоит. Ареспублика анапхгара рдыррақәа рыла ахәыҷқәагьы ҭахеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Ҩажәаҩык ауаа ҭахеит, жәҩык ахәрақәа роуит украинатәи аруаа Донецк аракетақәа "Точка-У" ала ралахысраан ҳәа аанацҳауеит ДЖәР аҵакыратә хьчара аштаб Telegram-канал аҿы.
"Украинатәи аруаа аҽазныкгьы рхы иадырхәеит атактикатә ракетатә комплекс "Точка-У" Донецктәи аиланхарҭақәа рганахьала. Иҭархоуп аҭынч уааԥсыра, аграждантә инфраструктура аобиектқәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
1 / 5

Украина аруаа аракета "Точка-У" Донецк иаларыжьит, аҭынч уааԥсыра 20-ҩык ҭахеит, 9-ҩык ахәрақәа роуит.

2 / 5

Украина аруаа аракета "Точка-У" Донецк иаларыжьит, аҭынч уааԥсыра 20-ҩык ҭахеит, 9-ҩык ахәрақәа роуит.

3 / 5

Украина аруаа аракета "Точка-У" Донецк иаларыжьит, аҭынч уааԥсыра 20-ҩык ҭахеит, 9-ҩык ахәрақәа роуит.

4 / 5

Украина аруаа аракета "Точка-У" Донецк иаларыжьит, аҭынч уааԥсыра 20-ҩык ҭахеит, 9-ҩык ахәрақәа роуит.

5 / 5

Украинатәи аракета "Точка-У" ахәҭак.

ДЖәР Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит 16-ҩык ҭахеит, 23-ҩык ааха роуит ҳәа.
Донецктәи амчрақәа ари терактуп ҳәа иршьоит. ДЖәР ахада Денис Пушилин иҳәеит аракета кассетатә ҭырҟьақәа аман ҳәа. Ақалақь ахада Алексеи Кулемзин уаанӡа иҳәеит иара шкарыжьыз Аиҳабыра рыҩны ааигәара.
Денис Пушилин Донецк "Точка-У" ала алахысра ашьҭахь ареспубликаҿы аџьабармш рылаҳәоуп ҳәа. ЛЖәР аҳәамҭа ҟанаҵахьан хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыжырҭа ҭыԥ шырыԥшааз азы Попасниантәи аихамҩа ааигәара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЛЖәР Украина Арбџьармчқәа хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыра ҭадырхеит ҳәа адырра ҟарҵеит