Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра: Мариупольнтәи ауаа ралгара иалагеит

Ақалақь ахь атәылауаа алзгараны иҟоу автобусқәа 200 еишьҭаргыланы инарышьҭуеит, урҭ рахьтә 50 Мариупольҟа инеихьеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Мариупольнтәи ауаа хыԥхьаӡара рацәала ралгара иалагеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аусбарҭа Амилаҭтә центр аиҳабы аинрал-полковник Михаил Мизинцев иажәақәа ааганы.

"Ақалақь амацәаз изҭакыз ахыхразы аоперациа лҵшәа бзиала иахьымҩаԥгаз иабзоураны иахьа асааҭ 15 инаркны аҭынч уааԥсыра агуманитартә коридор рзаартын, акыр аамҭа анеонацистцәа итҟәаны ирымаз ауааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала ралгара иалагеит", – иҳәеит Мизинцев.

Иазгәаҭоуп, Мариупольҟа ишнеихьоу раԥхьатәи аколонна, уи 450 тонна амедицинатә маҭәахәқәеи, раԥхьатәи аҭахрақәа рзы иақәнагоу амаҭәарқәеи, ахәыҷқәа рзы афатәи нанагеит.
Арыцҳарақәа ирықәшәаз, Мариуполь алҵра зҭахыз атәылауаа зегьы ауаа аамҭалатәи раангыларҭақәа рахь инаргоит, уа дара рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа аԥҵоуп, иҳәеит Мизинцев.
"Анеонацистцәа арыцҳарақәеи аҳаҭырларҟәрақәеи ирықәдыршәоз Мариуполь дарбанзаалак атәылауаҩ ҷыдала амедицинатә усзуҩцәеи апсихологцәеи аус рыдырулалоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ҟрыми Донбасси рыбжьара адгьыл аҿы акоридор аадыртит
Мизинцев иажәақәа рыла, ДЖәР архәҭақәеи Урыстәыла Арбџьармчқәа иҟарҵо адгылареи ирыбзоураны анеонацистцәа рнапаҿы иҟаз Мариуполь акәша-мыкәша ишьҭоу араионқәа рҿы игылаз аӷа ихырӷәӷәарҭақәа кылкааны иқәхын. Иара убас иҷыдоу арратә гәыԥқәа ақалақь иаакәыршаны иҟоу ауаа ахьынхо акварталқәа рҿы ишьақәгылаз анеонацистцәа рпозициақәа зегьы ықәхын.