Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина аҵакыраҿы 4-нызқь рҟынӡа арратә обиектқәа ықәырхит

Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциаҿы ар 11 километра ԥхьаҟа инеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәылатәи ар арратә операциа иалагазар Украина аҵакыраҿы 4000 рҟынӡа арратә обиект ықәырххьеит ҳәа ааицҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Урыстәылатәи ар арратә операциа иалагазар Украина аҵакыраҿы 3920 арратә обиект еилаԥырыххааит", - ҳәа иҳәеит аинрал.
Иҭархоуп аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 143, 1267 танки акәылӡтәы машьынақәеи, 124 реактивтә система, 457 артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи, 1028 ак арратә автомашьынатә техника ҷыда.
Урыстәылатәи ар 11 километра ԥхьаҟа инеины аиланхарҭа ҭыԥқәа хәба рымҵаҿ игылоуп.
"Лугансктәи Жәлар Рреспублика рыр уаанӡа Северодонецк мрагыларатәии аладатәии аганқәа рыла иакәшаны аибашьра иаҿуп ақалақь аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЛЖәР Украина Арбџьармчқәа хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыра ҭадырхеит ҳәа адырра ҟарҵеит
Конашенков иаацҳамҭала, ииасыз амш азы урыстәылатәи ар аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба карыжьит, Ҭырқәтәылантәи иаагоу Bayraktar налаҵаны.