Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит Аԥсны Жәлар  Реизарахь иалху адепутатцәа

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 азы, иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит. 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Алхратә комиссиа хада аҟны ашәҟәы иҭаргалеит Аԥсны Жәлар Реизарахь иалху адепутатцәа хәажәкыра 15 азы.
"Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа" рзы Аҳәынҭқарра Аконституциа азакәан 35-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа иҟарҵаз аԥкаанҵақәа реихшьаалақәа рышьаҭала Алхратә комиссиа хада аҟны хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭаргалеит Жәлар Реизара адепутатцәа.
Ашәба Лаша - алхратә ҭыԥ хада № 5 (Синоптәи) , иара изы рыбжьы арҭеит 98,42%;
Кәарҷиа Кан - алхратә ҭыԥ хада № 9 (Мрагыларатәи), иара изы рыбжьы арҭеит 53,74%;
Хәытаба Дауҭ - алхратә ҭыԥ хада № 10 (Пицундатәи), иара изы рыбжьы арҭеит 98,27%;
Беииа Ҭемыр - алхратә ҭыԥ хада № 11 (Бзыԥтәи), рыбжьы ирҭеит77,56%;
Аршба Асҭамыр - алхратә ҭыԥ хада № 12 (Гагратәи), рыбжьы мрҭеит 51,15%;
Трапизониан Галуст - алхратә ҭыԥ хада № 14 (Цандрыԥшьтәи), иара изы рыбжьы арҭеит 96,65%;
Ҳалуашь Беслан - алхратә ҭыԥ хада № 16 (Дәрыԥшьтәи), рыбжьы ирҭеит70,09%;
Лакоба Аслан - алхратә ҭыԥ хада № 17 (Лыхнытәи), рыбжьы ирҭеит 63,49%;
Ҳагба Алхас - алхратә ҭыԥ хада №19 (Гдоуҭатәи ақалақьтә аҩбатәи), рыбжьы ирҭеит 58,48%;
Галустиан Левон - алхратә ҭыԥ хада №23 (Гәымсҭатәи), рыбжьы ирҭеит 52,69%;
Миносиан Ашот - алхратә ҭыԥ хада №24 (Ԥшьаԥтәи), рыбжьы ирҭеит 64,57%;
Саӡба Инар - алхратә ҭыԥ хада №25 (Маҷаратәи), рыбжьы ирҭеит 50,89%;
Ҳаразиа Адгәыр - алхратә ҭыԥ хада №26 (Драндатәи), рыбжьы ирҭеит50,28%;
Бебиа Венори - алхратә ҭыԥ хада №27, рыбжьы ирҭеит 65,85%;
Голанӡиа Вахтанг - алхратә ҭыԥ хада №30, рыбжьы ирҭеит 58,02%;
Занҭариа Резо - алхратә ҭыԥ хада №31, рыбжьы ирҭеит 56,39%;
Шьергьелиа Ҭемыр - алхратә ҭыԥ хада №35, рыбжьы ирҭеит 52,61%.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥысшьа ахә ҳаракны иршьеит Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.