Аԥсны

Аиубилеитә ҭоурых: Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит хәажәкыра 15 азы.
Sputnik
Алықьса Гогәуа - 30 инареиҳаны ашәҟәқәа ҭижьхьеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк. А. Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь. Иара ихаҭа аԥсшәахь еиҭеигеит Лев Толстои, Федор Достоевски, Андреи Платонов уҳәа рырҿиамҭақәа.
Алықьса Гогәуа Аԥсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ дгылан. Иара иоуп Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩысгьы иҟаз. Уи акырӡа алнаршеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы.
1 / 12

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа диит хәажәкыра 15 1932 шықәсазы, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ( Аџьамԥазра аҳабла).

2 / 12

Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга иҵара иациҵоит Москва Горки ихьӡ зху алитературатә институт аҟны. Афото аҟны: Гогәуа (арыӷьарахь) алитературатә институт ашҭа аҟны (1957 ш.)

3 / 12

1959 шықәсазы Алықьса Гогәуа СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылахоит. Афото аҟны: Алықьса Гогәуеи москватәи аԥсуа диаспора ахаҭаранкцәеи. (Москва, 1959 ш.)

4 / 12

Алықьса Гогәуа Москва иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа дгьежьуеит.

5 / 12

Раԥхьа ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс аус иуан, анаҩс аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хадас. Афото аҟны: Пицунда "Аҟазацәа рыҩны" ашҭаҽы гәыԥҩык ашәҟәыҩҩцәа рыгәҭа.

6 / 12

1989 шықәса инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Афото аҟны: Ш. Ҷкадуа, И. Мқанба, А . Гогәуа, М. Аҩӡба. Афон ҿыц.

7 / 12

Ашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи.

8 / 12

Алықьса Гогәуа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ дгылан.

9 / 12

Иара иоуп Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩыс иҟаз.

10 / 12

Алықьса Гогәуа Евгени Евтушенко иҭаацәеи кубатәи апоет Еберто Падилиаи.

11 / 12

Алықьса Гогәуа 30 инареиҳаны ашәҟәқәа ҭижьхьеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк.

12 / 12

Алықьса Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.