Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа литература аклассик: Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара далҵит

Анапаҵаҩра
Лаҵара 7 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алексеи Гогәуа. Хәажәкыра 15 рзы иара 93 шықәса ихыҵит.
Алықьса Гогәуа - 30 инареиҳаны ашәҟәқәа ҭижьхьеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк. А. Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь. Иара ихаҭа аԥсшәахь еиҭеигеит Лев Толстои, Федор Достоевски, Андреи Платонов уҳәа рырҿиамҭақәа.
Алықьса Гогәуа Аԥсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ дгылан. Иара иоуп Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩысгьы иҟаз. Уи акырӡа алнаршеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы.
© Foto / из семейного архива Гогуа

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа диит хәажәкыра 15 1932 шықәсазы, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ( Аџьамԥазра аҳабла).

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа диит хәажәкыра 15 1932 шықәсазы, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ( Аџьамԥазра аҳабла). - Sputnik Аҧсны
1/12

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа диит хәажәкыра 15 1932 шықәсазы, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ( Аџьамԥазра аҳабла).

© Foto / из семейного архива Гогуа

Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга иҵара иациҵоит Москва Горки ихьӡ зху алитературатә институт аҟны. Афото аҟны: Гогәуа (арыӷьарахь) алитературатә институт ашҭа аҟны (1957 ш.)

Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга иҵара иациҵоит Москва Горки ихьӡ зху алитературатә институт аҟны. Афото аҟны: Гогәуа (арыӷьарахь) алитературатә институт ашҭа аҟны (1957 ш.) - Sputnik Аҧсны
2/12

Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга иҵара иациҵоит Москва Горки ихьӡ зху алитературатә институт аҟны. Афото аҟны: Гогәуа (арыӷьарахь) алитературатә институт ашҭа аҟны (1957 ш.)

© Foto / из семейного архива Гогуа

1959 шықәсазы Алықьса Гогәуа СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылахоит. Афото аҟны: Алықьса Гогәуеи москватәи аԥсуа диаспора ахаҭаранкцәеи. (Москва, 1959 ш.)

1959 шықәсазы Алықьса Гогәуа СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылахоит. Афото аҟны: Алықьса Гогәуеи москватәи аԥсуа диаспора ахаҭаранкцәеи. (Москва, 1959 ш.) - Sputnik Аҧсны
3/12

1959 шықәсазы Алықьса Гогәуа СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылахоит. Афото аҟны: Алықьса Гогәуеи москватәи аԥсуа диаспора ахаҭаранкцәеи. (Москва, 1959 ш.)

© Foto / из семейного архива Гогуа

Алықьса Гогәуа Москва иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа дгьежьуеит.

Алықьса Гогәуа Москва иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа дгьежьуеит. - Sputnik Аҧсны
4/12

Алықьса Гогәуа Москва иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа дгьежьуеит.

© Foto / из семейного архива Гогуа

Раԥхьа ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс аус иуан, анаҩс аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хадас. Афото аҟны: Пицунда "Аҟазацәа рыҩны" ашҭаҽы гәыԥҩык ашәҟәыҩҩцәа рыгәҭа.

Раԥхьа ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс аус иуан, анаҩс аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хадас. Афото аҟны: Пицунда "Аҟазацәа рыҩны" ашҭаҽы гәыԥҩык ашәҟәыҩҩцәа рыгәҭа. - Sputnik Аҧсны
5/12

Раԥхьа ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс аус иуан, анаҩс аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хадас. Афото аҟны: Пицунда "Аҟазацәа рыҩны" ашҭаҽы гәыԥҩык ашәҟәыҩҩцәа рыгәҭа.

© Foto / из семейного архива Гогуа

1989 шықәса инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Афото аҟны: Ш. Ҷкадуа, И. Мқанба, А . Гогәуа, М. Аҩӡба. Афон ҿыц.

 1989 шықәса инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Афото аҟны: Ш. Ҷкадуа, И. Мқанба, А . Гогәуа, М. Аҩӡба. Афон ҿыц. - Sputnik Аҧсны
6/12

1989 шықәса инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Афото аҟны: Ш. Ҷкадуа, И. Мқанба, А . Гогәуа, М. Аҩӡба. Афон ҿыц.

© Foto / из семейного архива Гогуа

Ашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи.

Ашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи. - Sputnik Аҧсны
7/12

Ашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи.

© Foto / из семейного архива Гогуа

Алықьса Гогәуа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ дгылан.

Алықьса Гогәуа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ дгылан. - Sputnik Аҧсны
8/12

Алықьса Гогәуа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ дгылан.

© Foto / из семейного архива Гогуа

Иара иоуп Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩыс иҟаз.

Иара иоуп Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩыс иҟаз. - Sputnik Аҧсны
9/12

Иара иоуп Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩыс иҟаз.

© Foto / из семейного архива Гогуа

Алықьса Гогәуа Евгени Евтушенко иҭаацәеи кубатәи апоет Еберто Падилиаи.

Алықьса Гогәуа Евгени Евтушенко иҭаацәеи кубатәи апоет Еберто Падилиаи. - Sputnik Аҧсны
10/12

Алықьса Гогәуа Евгени Евтушенко иҭаацәеи кубатәи апоет Еберто Падилиаи.

© Sputnik

2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны Алықьса Гогәуа ишәҟәы "Асду" аӡыргара мҩаԥысит.

2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны Алықьса Гогәуа ишәҟәы "Асду" аӡыргара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
11/12

2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны Алықьса Гогәуа ишәҟәы "Асду" аӡыргара мҩаԥысит.

© Foto / предоставил Дмитрий Габелиа

Аԥсуа классик иԥсҭазаара далҵит лаҵара 7 2025 шықәсазы.

Аԥсуа классик иԥсҭазаара далҵит лаҵара 7 2025 шықәсазы. - Sputnik Аҧсны
12/12

Аԥсуа классик иԥсҭазаара далҵит лаҵара 7 2025 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0