Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Афонд "Ауаажәлар ргәаанагара": Украина имҩаԥысуа аоперациа иадгыло урыстәылаа еиҳахеит

Урыстәылазегьтәи аҭҵаарақәа мҩаԥган 2022 шықәса хәажәкыра 5-6 азы 1500-ҩык ареспондентцәа рыбжьара 104 еиланхарҭа рҿы. Уаанӡатәи аҭҵаарақәа мҩаԥган жәабран 27 азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иадгыло урыстәылаа ирыцлеит - 65% инаркны 68% рҟынӡа. Ари шаҳаҭра ауеит Асоциологиатә ҭҵаарақәа рфонд "Ауаажәларратә гәаанагара".
Жәабран 27 рзы арратә операциа иадгылон 65% урыстәылаа, хажәкыра 5-6 рзы - 68%. 15% аоперациа иаҿагылоит. Ари 2 процентк рыла еиҵоуп уаанӡа аасҭа.
Урыстәыла иахықәку азҵааразы "аҳәаақәа ршәарҭадара" ҳәа аҭак ҟарҵеит 62%, "ДЖәРи ЛжәРи рыхьчаразы" ҳәа – 59%, "Украина НАТО алалара алмыршареи НАТО Украина аҟамзаареи" ҳәа – 39%.
"Донбасс Урыстәыла адҵароуп ҳәа азгәарҭеит 20% ареспондентцәа, 16% – "Украина аполитикатә шьақәгылара аиҭакра ауп" рҳәеит, 9% – "Украина Урыстәыла адҵароуп" ҳәа рҳәеит".