Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Еилкаахеит ракетала Донецк алахысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара

Украина Арбџьармчқәа ракетала ДЖәР аҳҭнықалақь аҭынчуааԥсыра ирылахысит хәажәкыра 14 азы. Мраҭашәаратәи атәылақәеи НАТОи ари ахҭыз зынӡа акагь ахырымҳәааӡеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Украинатәи арратә мчрақәа Донецк атактикатә ракетатә комплекс "Точка-У" ала алахысраан 37-ҩык ааха роуит ҳәа аанацҳауеит Донецктәи жәлар Рреспублика Агәабзиарахьчара аминистрра анапхгара.
Донецк икарыжьит украинатәи аруаа аракета. Иҭахеит 20-ҩык. Аҩашаҽны иԥсҭазаара далҵит аҽаӡәгьы.

"2022 шықәса хәажәкыра 15 асааҭ 11:30 азы Донецк хәажәкыра 14 азы иҟалаз абжәара иахҟьаны иҭахеит 37-ҩык", - аҳәоит аусбарҭа Telegram-канал аҿы.

Аминистрра адыррала 23-ҩык ахәшәтәырҭа иҭоуп.
Украинатәи аракета "Точка-У" Донецк Аиҳабыра рыҩны ааигәара икарыжьит. ДЖәР ахада иҳәеит Донецк аихсра иалахәу зегьы рыжәлақәа. Уи шьақәыргылахеит аракета асериатә номер ала.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киев Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аналшо атәы рҳәеит