Арадио

Қәҭелиа ашколхәыҷқәа ролимпиада "ТИИМ-2022" азы: лшара бзиоуп

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа ролимпиада "ТИИМ-2022" Аԥснытәи ашколхәыҷқәа шалахәхо атәы.
Sputnik
Аматематиказы ашколхәыҷқәа ролимпиада "ТИИМ-2022" аҵыхәтәантәи алԥшааратә етап мҩаԥысуеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрраҟны. Уи иалахәын ааҩык аԥсуа школхәыҷқәа. Аматематика иазку аолимпиада хықәкы хадас иамоуп аҿар истандарттәым аӡбамҭақәа рыдкылара раршьцылара, аматематикеи, апрограмма аԥҵареи рус аҟны рдыррақәа реизырҳара. Аолимпиада мҩаԥыргоит иреиҳаӡоу аҵаратә усҳәарҭақәеи, "Сириус" ацентрқәеи, Урыстәылеи ааигәатәи аҳәаанырцәи рышколқәа. Ари аолимпиада аҷыдарақәа дырзааҭгылеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.