Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Херсонтәи аобласт рнапахьы иааргеит

Украина абџьархыхразы излагаз арратә операциа ҷыда 20 мшуп ицоижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Урыстәылатәи ар Херсонтәи аобласт рнапахьы иааргеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Урыстәыла Арбџьар мчқәа Херсонтәи аобласт аҵакыра зегьы рнапахьы иааргеит ", – иҳәеит Конашенков абрифинг аҿы.
Аминистрра ахаҭарнак иажәақәа рыла ДЖәР ар ргәыԥ жәыло украинатәи амилаҭеилыхцәа рыр ирымпыҵырхит аиланхарҭа Пантелеимоновка. Иахьазы ДЖәР ар Верхнеторецкое - Новоселовка-2 рымҵан игылоуп.
Херсон областтә центруп. Хәажәкыра 2 азы аурыс ар ахылаԥшрахь ииасит. Ақалақь ахадареи аруааи реицәажәарала асоциалтә ргыларақәа аус руеит, ауааԥсыра ршәарҭадареи рзинеиҿкаареи еиқәыршәоуп. Ақалақь ахь инагоуп агуманитартә цхыраара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда шаҟа ицо аамҭа ахҳәаа аиҭеит