Арадио

Жорданиа РУСДРАМ агастрольқәа рзы: раԥхьаӡа акәны ҳара ҳзы ԥарарҳараны иҟалеит

Хәажәкырамза 9 инаркны 12 рҟынӡа Москва имҩаԥысит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр агастрольқәа. Урҭ егьырҭ агастрольқәа излареиԥшмыз атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа.
Sputnik
РУСДРАМ арепертуар аҟынтәи Москватәи ахәаԥшцәа ирыдыргалеит хә-спектакльк.
"Ахәаԥшцәа раҳасабала иҟан аҟазара иадҳәалоу ауаа, атеатр иазҿлымҳау. Урҭ уамакала ибзианы ирыдыркылеит ақәыргыламҭақәа, иагьазгәарҭон, ҳтеатр аҩаӡара Москватәиқәа ишреицәам атәы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Жораданиа.
Москва идырбаз аспектакльқәа иреиуан Џьамбул Жорданиа Баграт Шьынқәба иҩымҭа "Ацәынҵәарах" ала иқәыргылаз амоноспекатлькгьы.
"Ахы инаркны аҵыхәанӡа ауаа рҟыҭбжьы мгаӡакәа иазыӡырҩуан. Аҵыхәтәаны анапеинҟьабжьы гаанӡа бжьык гомызт. Аспектакль асцена маҷ аҿы иҟаҳҵон. Уа асцена ду аҿы дырбара ҳақәшәеит. Иара даҽа ҟазшьак аиуит, сара сызгьы уи уамашәахеит, ас идууны макьана аспектакль даҳмырбаӡацызт. Амҽхак иаҳа иҭбаахазшәа агәаанагара ҳауит", - ҳәа иҳәеит Жорданиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы.