АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов НАТО-Қырҭтәыла ркоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа раамҭаз ареспублика ашәарҭадара азҵаарақәа рылацәажәараз Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Алада Уаԥстәыла.
Аҩада Атлантикатәи алианс Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара аибарххарақәа аԥнаҵоит ҳәа иҳәеит Бибилов Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.
"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит Қырҭтәыла анапхгара НАТО ишадҳәалоу, урҭ агәыӷрақәа шрырҭо. Агәҭынчымра цәырнамгар ауам акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа НАТО-Қырҭтәыла ", - ҳәа иҳәеит иара.
Ареспублика АшәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа адыррала аҳәаа инаваршәны ақырҭуа рыхьчаратә еилазаара рӷәӷәоуп.
Бибилов иҳәеит, уи уацәшәартә иҟамзаргьы, азхьаԥшра шаҭаху Қырҭтәыла аганахь ала рхымҩаԥгашьақәа.
"Акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа НАТО-Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ашьақәҟьароуп иззырхоу. Амаҵзурақәа зегьы аҭагылазаашьа иахылаԥшларц адҵа ҟасҵоит", - ҳәа иҳәеит ахада.